Аԥсны

Ажәлар ирылиааз апоет: Рушьбеи Смыр диижьҭеи 73 шықәса ҵит

Аԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Рушьбеи Смыр диит жәабран 13 1950 шықәсазы Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан.
Sputnik
Sputnik
Зпоезиа аԥсуа литература иалԥшааху Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа Смыр раԥхьаӡа акәны акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1965 шықәсазы. Апоет зааӡатәи иаԥҵамҭақәа агазеҭ "Бзыԥ" адаҟьақәа ирнылон. 1973 шықәсазы иҭыҵуеит раԥхьаӡатәи иажәеинраалақәа реизга "Аеҵәақәа рыкәашара". Ари аизгала ауп апоет хьӡи-ԥшеи згымыз ирҿиаратә мҩаду дшанылаз.
Саанхарымашь ҩаԥхьа абас: Рушьбеи Смыр иԥсҭазаара ацыԥҵәахақәа
Рушьбеи Смыр ирҿиара ахыҵхырҭақәа дырзааҭгыло, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, Аԥсны жәлар апоет Мушьни Лашәриа иазгәеиҭеит ажәлар ирылиааз апоет ибаҩхатәра аханатәгьы еижьарада ишцәырҵыз, ишамаз ахатәы мҩа.
"Рушьбеи Смыр данқәыԥшӡаз, алитератураҿы раԥхьатәи ишьаҿақәа анеихигоз инаркынгьы иубарҭахахьан ажәлар ражәа, ажәлар рпоетика дшазааигәаз. Дызлиааз иуаажәлар рлахьынҵа, рхьаа, ргәыҵхақәа рызхәыцра иазкыз ипоезиа иахьагьы уаҵәгьы аԥсуа литература иалԥшаахны иаанхоит. Зегь зымчу илаиҵаз агәыбылра ҷыда апоезиа аҿеиԥш, ауаажәларратә ус аҿгьы заманала иааирԥшит. Уаҩԥсык иаҳасабала иԥсадгьыл иадибалаз аџьабаа шьардаӡоуп. Ҳара иаҳуалуп уи аԥсахара, ихьӡ акамыршәра, ипоезиа қәнагала ахә ашьара", - иҳәеит Лашәриа.
Арадио
Лашәриа Рушьбеи Смыр изы: аҩра - жәҩанахьтә имаз ааԥхьаран
Апоет, аиҭагаҩ Денис Чачхалиа Рушьбеи Смыр аԥсуа литература иазынижьыз ишьҭамҭа аҷыдара дахцәажәо, иҳәеит иара ипоезиа ииашаҵәҟьаны ажәлар ишеицыртәу.
"Аԥсуа поезиа абзиабаҩцәа ибзиаӡаны ирдыруа Рушьбеи Смыр иажәеинраалақәа жәпакы кыр шықәса уажәаԥхьа автор ихаҭа данаԥхьоз саҳахьан. Заԥхьаҟа ипоет духараны иҟаз арҿиаҩы раԥхьатәи иаԥҵамҭақәа сахьырхаану, урҭ иара иҿаԥыц аҟнытә сахьырзыӡырҩхьаз насыԥ дууп сара сзыҳәа. Атермин "Жәлар рпоет" ҳара ҳаамҭазы маҷк иажәхьазаргьы ҟалоит, аха Рушьбеи Смыр ихаҿра ишанаало еиԥш, ҳаамҭазтәи даҽа поетк инаалаӡом ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа азгәеиҭеит Денис Чачхалиа.
Рушьбеи Смыр ирҿиаратә ҭынха адагьы, иԥсадгьыл алахьынҵаӡбара кыр дазааԥсеит. Апоет, 1977-1979, 1989-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа раан аԥсуа милаҭ ринтересқәа ахьчаразы игылаз дреиуан. 1989 шықәсазы еиҿкааз афорум "Аидгылара" Гәдоуҭатәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.
Рушьбеи Смыр ипоезиа зегьы тема хаданы иагәылсуеит иԥсадгьыли ижәлар рдоуҳатә беиареи абзиабара. Иара иажәеинраалақәа рҟны хыԥхьаӡара рацәала иуԥылоит аепитетқәа, аметафорақәа, аиҿырԥшрақәа, асимволизм.
Иуадаҩзаргьы, ак сашәҳәар сҭахуп: Рушьбеи Смыр изку гәҭахәыцрақәак
Апоет иажәеинраалақәа еидызкыло 16 еизга ҭыҵхьеит. Урҭ иреиуоуп: "Аеҵәақәа рыкәашара" (1973), "Ашьанҵа" (1976), "Ахҿа" (1979), "Сышьхақәа" (1981), "Ашыцқәа рашәа" (1985), "Акәукәуқәа еиқәҿырҭуеит" (1988), "Сҽыласқәа" (1990), "Рада гәышьа" (1994), "Аҳаҳаира" (1998), "Рарира" (2003), "Абжьы" (2005), "Слабашьа" (2008), ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа реизгақәа: "Арҵу" (2000), "Аҵыс иаҵәа" (2011). Иара убас, иҭыҵхьеит х-томкны иҟоу "Иалкаау иҩымҭақәа" реизга (2010, 2011, 2013).
XIX ашәышықәсазы Кавказ имҩаԥысуаз, аублаа жәлар рықәӡаара аазгаз атрагедиатә хҭысқәа ирызку Рушьбеи Смыр иҭоурыхтә поема "Семра" 2016 шықәсазы иҭыҵит. Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 2004 шықәсазы ихҵан Адыгатәыла Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара.
Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа Смыр иԥсҭазаара далҵит 2019 шықәса, ԥхынгәымза 29 аҽны.