ЕАА Урыстәылеи ИАРи рҵакыраҿы атерактқәа рымҩаԥгаразы 60-ҩык азыҟарҵеит

Америкатәи амаҵзура ҷыдақәа аиҳарак ари аус иаладырхәуеит Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи Ацентртә Азиа атәылақәеи руааԥсыра.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 13– Sputnik. Еидду Америкатәи Аштатқәа Шьамтәыла 60-ҩык аџьихадуаа хырхит Урыстәылеи ИАР атәылақәеи рҵакыраҿы атерактқәа рымҩаԥгаразы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Адәныҟатә ԥшыхәра амаҵзура адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.
"Адәныҟатә ԥшыхәра амаҵзура иамоу адыррақәа рыла, америкатәи аруаа активла "Исламское государство", "Аль-Каида" ирыдҳәалоу аџьихадуаа рхыхраз аусқәа мҩаԥыргоит Урыстәылеи ИАР атәылақәеи рҵакыраҿы атерактқәа рымҩаԥгаразы", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа аҳәамҭаҿы.
Аԥхьаҟатәи атеррористцәа абомбақәа рыҟаҵара, адиверсиатә усурақәа, ацҳаражәҳәарҭақәеи аханарнакрақәеи рхыбрақәа рықәлар риеԥш иҟоу аусқәа иазыҟарҵоит.
Урыстәылеи егьырҭ иазгәаҭоу атәылақәеи рҵакырақәа рахь ианнеилак ашьҭахь дара жәларбжьаратәи атеррористтә гәыԥқәа рыҽрымаданы атерактқәа мҩаԥыргалароуп адипломатцәа, аполитикцәа, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, аррамаҵзурауаа рганахь ала.
"Ибзианы иаабоит ЕАА амчратә усбарҭақәа рҿы иарбанзаалак аморалтә принципқәа шырцәыӡыз. Урыстәыла "ашьалцәаара" хықәкыс иҟаҵаны вашингтонтәи астратегцәа атеррористцәа рхықәкы ҟьышьқәа рҿы рхы иадырхәо иалагеит", — ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿы.
Урыстәыла Адәныҟатә ԥшыхәра амаҵзура иазгәанаҭоит ЕАА ари аҩыза аполитика амҩаԥгарала ахаҭагьы атеррористтә гәыԥқәа рывара аҭыԥ шыннакыло.
Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа Ҟабарда-Балкариа атеррористцәа ҭадырхеит