Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аиланхарҭа Краснаиа гора ахы иақәиҭыртәит

Аиланхарҭа ахақәиҭтәра иалахәын хатәгәаԥхарала еибашьуа ржәыларатә отриадқәа, аракетатә ар, "Аладатәи" ар ргәыԥ артиллериа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы аиланхарҭа Краснаиа гора ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа аӷа ицәыӡит 150-ҩык аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, апикапқәа фба, ҩ-гаубицак Д-30", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ ари атехникеи ахьгылаз Пречистовкеи Угледари рраионқәа рҿы ааха ӷәӷәаны ирыҭоуп. Иҭархоуп 60-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра, акәылӡмашьынақәа хԥа, апикапқәа ԥшьба, агаубица Д-20, ҩ-гаубицак Д-30.
Купиантәи ахырхырҭаҿы иҭархоуп 30-ҩык аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа хԥа, автомашьынақәа ҩба, агаубица Д-20, Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы -80-ҩык инареиҳаны асолдаҭцәа, акәылӡмашьынақәа хԥа, агаубица Д-30.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп аицҭырҟьаратә реактивтә система "Град", амашьынақәа ҩба, зхала иныҟәо ҩ-гаубицак "Гвоздика".
Аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа уахыки-ҽнаки ааха рырҭеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 82 126 раион рыҟны, УАМ 95-тәи аибашьыга техника аремонтҟаҵарҭа.
Урыстәылатәи ПВОқәа икарыжьит аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа фба, жә-дронк.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украинатәи аруаа 180-ҩык ҭархоуп Купиансктәии Краснолимансктәии ахырхарҭақәа рҟны