Ҭырқәтәыла адгьылҵысра: иҟалаанӡеи уи ашьҭахьи

Ҭырқәтәыла алада-мрагылара Кахраманмараш апровинциаҟны жәсааҭк рыбжьаны 7,7, 7,6 балл зымчхара ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит жәабран 6 рзы.
Sputnik
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла иҭахаз 30 - нызқьҩык инареиҳахахьеит, ахәрақәа рымоуп 80-нызқьҩык. Урҭ инареиҳаны хыҵакырҭада иаанхеит. Иара убас Шьамтәылагьы адгьылҵысра ҟалеит, уаҟа иҭахеит зқьҩыла.
Мчыбжьык аахыс арҭ аҭыԥқәа рыҟны имаҷны адгьылҵысрақәа мҩаԥысуеит. Уи иахҟьаны еиқәхаз аҩнқәа аилаҳара иаҿуп.
Ҭырқәтәыла аиҳабыра мҽхакыҭбаалатәи аиқәырхаратә аоперациа еиҿыркааит, еилаҳаз ахыбрақәа реилыргараҿы аҭыԥантәи ауааԥсыра ирыцхраауеит адунеи атәылақәа рҟынтәи аволонтиорцәа.
1 / 18

Аԥхысҭа ӷәӷәа зцыз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла жәабран 6 рзы. Уи ааха анаҭеит ақалақь Антакиагьы.

2 / 18

Антакиа даара ирацәоуп еилабгаз аҩндуқәа. Уаҟа уажәыгьы зыԥсы ҭоу ауаа аҵажьызар алшоит.

3 / 18

Кахраманмараш аправинциаҿ иҟоу ақалақь Ельбистан ааха ӷәӷәа аиуит.

4 / 18

Ари апровинциаҟны ауп аепицентр ахьыҟаз.

5 / 18

Аԥсабартә цәырҵра архитектуратә баҟақәагьы ааха рынаҭеит, убас Газиантеп иҟоу аџьаама Куртулус еиԥш.

6 / 18

Адгьылҵысра ари аџьаама иахагылаз аҟәырӷ ахнарбгеит.

7 / 18

Адгьылҵысра жәанызқьла ауааԥсыра рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит. Асахьаҟны - ақалақь Адыиаман.

8 / 18

Уажәы Адыиаман аԥшаарақәа цоит - аиқәырхаҩцәа рҽазыршәоит еилаҳаз аҩнқәа ирыҵахаз ауааԥсыра рыԥшаара.

9 / 18

Антакиа ақалақь аҟны аџьаама ааха аиуит.

10 / 18

Ари аҭыԥ аҟны уажәыгь анцәа имҵаныҳәоит.

11 / 18

Арҭ аҭыпқәа рыҟны, ауаа афотосахьақәа аныҟарҵоз рхаҿгьы иааиуамызт, шаҟа иҵаӷаз арҭ аҭыӡқәа.

12 / 18

Уажәы ақалақь зегьы еилабгоуп.

13 / 18

Ааха аиуит Антакиа иҟоу аџьаама Хабиб-и-Неккар 13-тәи ашәышықәсанӡа визвнтиатәи аныхабаашны иҟаз.

14 / 18

Аҟәырӷ ду иахагылаз зынӡа еилаҳаит, аиқәырхаҩцәа ирылшеит ахәыҷқәа аӡәырҩы раҵгара.

15 / 18

Аԥсабаратә рыцҳара иҟанаҵаз аԥхасҭа макьа аԥхьаӡара уадҩуп.

16 / 18

Ҭырқәтәыла адунеи атәылақәа ацхыраара рырҭоит, дара уахгьы-ҽынгьы еилабгоу ахыбрақәа иҭахаз рыԥсыбаҩқәы рыҵыргоит, иҟалалоит зыԥсы ҭаханы иаҟоу ауааԥсыреи аԥстәқәеи анаҵаргогьы.

17 / 18

Иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Ҭырқәтәыла бжьымштәи алахьеиқәра рылаҳәоуп

18 / 18

Ауааԥсыра иҭахаз рықә-рҵас мҩаԥганы, рхьаақәа ириааины аԥхьаҟа анхара иалагароуп.