https://sputnik-abkhazia.info/20230214/1044109186.html
Ҭырқәтәыла адгьылҵысра: иҟалаанӡеи уи ашьҭахьи
Ҭырқәтәыла адгьылҵысра: иҟалаанӡеи уи ашьҭахьи
Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла алада-мрагылара Кахраманмараш апровинциаҟны жәсааҭк рыбжьаны 7,7, 7,6 балл зымчхара ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит жәабран 6 рзы. 14.02.2023, Sputnik Аҧсны
2023-02-14T12:15+0300
2023-02-14T12:15+0300
2023-02-14T15:58+0300
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/0d/1044111083_0:159:3078:1890_1920x0_80_0_0_b837480a079631c484d7bedf7867074a.jpg
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла иҭахаз 30 - нызқьҩык инареиҳахахьеит, ахәрақәа рымоуп 80-нызқьҩык. Урҭ инареиҳаны хыҵакырҭада иаанхеит. Иара убас Шьамтәылагьы адгьылҵысра ҟалеит, уаҟа иҭахеит зқьҩыла.Мчыбжьык аахыс арҭ аҭыԥқәа рыҟны имаҷны адгьылҵысрақәа мҩаԥысуеит. Уи иахҟьаны еиқәхаз аҩнқәа аилаҳара иаҿуп.Ҭырқәтәыла аиҳабыра мҽхакыҭбаалатәи аиқәырхаратә аоперациа еиҿыркааит, еилаҳаз ахыбрақәа реилыргараҿы аҭыԥантәи ауааԥсыра ирыцхраауеит адунеи атәылақәа рҟынтәи аволонтиорцәа.
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     2023
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     фото, афотосахьақәа
Ҭырқәтәыла адгьылҵысра: иҟалаанӡеи уи ашьҭахьи
12:15 14.02.2023  (ирҿыцуп: 15:58 14.02.2023) Ҭырқәтәыла алада-мрагылара Кахраманмараш апровинциаҟны жәсааҭк рыбжьаны 7,7, 7,6 балл зымчхара ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит жәабран 6 рзы.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла иҭахаз 30 - нызқьҩык инареиҳахахьеит, ахәрақәа рымоуп 80-нызқьҩык. Урҭ инареиҳаны хыҵакырҭада иаанхеит. Иара убас Шьамтәылагьы адгьылҵысра ҟалеит, уаҟа иҭахеит зқьҩыла.
Мчыбжьык аахыс арҭ аҭыԥқәа рыҟны имаҷны адгьылҵысрақәа мҩаԥысуеит. Уи иахҟьаны еиқәхаз аҩнқәа аилаҳара иаҿуп.
Ҭырқәтәыла аиҳабыра мҽхакыҭбаалатәи аиқәырхаратә аоперациа еиҿыркааит, еилаҳаз ахыбрақәа реилыргараҿы аҭыԥантәи ауааԥсыра ирыцхраауеит адунеи атәылақәа рҟынтәи аволонтиорцәа.
Аԥхысҭа ӷәӷәа зцыз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла жәабран 6 рзы. Уи ааха анаҭеит ақалақь Антакиагьы.

Антакиа даара ирацәоуп еилабгаз аҩндуқәа. Уаҟа уажәыгьы зыԥсы ҭоу ауаа аҵажьызар алшоит.
Кахраманмараш аправинциаҿ иҟоу ақалақь Ельбистан ааха ӷәӷәа аиуит.

Ари апровинциаҟны ауп аепицентр ахьыҟаз. 

Аԥсабартә цәырҵра архитектуратә баҟақәагьы ааха рынаҭеит, убас Газиантеп иҟоу аџьаама Куртулус еиԥш.

Адгьылҵысра ари аџьаама иахагылаз аҟәырӷ ахнарбгеит.
Адгьылҵысра жәанызқьла ауааԥсыра рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит. Асахьаҟны - ақалақь Адыиаман.

Уажәы Адыиаман аԥшаарақәа цоит - аиқәырхаҩцәа рҽазыршәоит еилаҳаз аҩнқәа ирыҵахаз ауааԥсыра рыԥшаара.
Антакиа ақалақь аҟны аџьаама ааха аиуит.

Ари аҭыԥ аҟны уажәыгь анцәа имҵаныҳәоит. 
Арҭ аҭыпқәа рыҟны, ауаа афотосахьақәа аныҟарҵоз рхаҿгьы иааиуамызт, шаҟа иҵаӷаз арҭ аҭыӡқәа. 

Уажәы ақалақь зегьы еилабгоуп.
Ааха аиуит Антакиа иҟоу аџьаама Хабиб-и-Неккар 13-тәи ашәышықәсанӡа визвнтиатәи аныхабаашны иҟаз. 

Аҟәырӷ ду  иахагылаз зынӡа еилаҳаит, аиқәырхаҩцәа ирылшеит ахәыҷқәа аӡәырҩы раҵгара.

Аԥсабаратә рыцҳара иҟанаҵаз аԥхасҭа макьа аԥхьаӡара уадҩуп.

Ҭырқәтәыла адунеи атәылақәа ацхыраара рырҭоит, дара уахгьы-ҽынгьы еилабгоу ахыбрақәа иҭахаз рыԥсыбаҩқәы рыҵыргоит, иҟалалоит зыԥсы ҭаханы иаҟоу ауааԥсыреи аԥстәқәеи анаҵаргогьы.
Иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Ҭырқәтәыла бжьымштәи алахьеиқәра рылаҳәоуп

Ауааԥсыра иҭахаз рықә-рҵас мҩаԥганы, рхьаақәа ириааины аԥхьаҟа анхара иалагароуп.