Аԥсны

2022 шықәсазы Аԥсныҟа иааз аԥара 63 миллиард иреиҳахеит

Аԥсуа банкқәа рыла аԥаратә еикәыршара иартәеит 123,7 миллиард мааҭ, ари 26,1 миллиард мааҭ рыла еиҳауп 2021 шықәсазы аасҭа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik. 2022 шықәсазы Аԥсныҟа иааз амааҭтә ԥара 63 миллиард еизҳаит ҳәа аанацҳауеит Амилаҭтә Банк.
Атәыла иалҵыз аԥара ишьақәнаргылеит 60,6 миллиард мааҭ. Абас ала асальдо ҵоурахеит, аивыга иартәеит 2,5 миллиард мааҭ.
Зегь раасҭа аԥарақәа ахырԥхьаӡалон аиуристтәи хаҭалатәи ахаҿқәеи ахазхаҭалатәи анаплакҩцәеи – иааизакны 36,5 миллиард мааҭ артәеит.
Урыстәылатәи ахсаалагақәа зку роперациақәа амилаҭтә система "АПРА" ахь 16,6 миллиард мааҭ ыҟан, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиарази аинвистициатә усурақәа рыдгыларази урыстәылатәи афинанстә цхыраара иартәеит 5,7 миллиард мааҭ.
Аԥсны
2022 шықәсазы аԥарашәаратә система "АԤРА" атранзакциақәа 19% иацлеит
2022 шықәсазы урыстәылатәи атәанчахәы аҳасаб ала атәыла иалагалан 3,8 миллиард мааҭ. 0,5 миллиард мааҭ аԥаратә еиҭагарақәа ирыҵаркит.
Уаанӡеиԥш уажәгьы еиҳа ахархәара амоуп урыстәылатәи амааҭ. Уахь иаҵанакуеит 93,7% аоперациақәа, ЕАА адолларқәа – 5,5%, евро – 0,6%, егьырҭ авалиутақәа – 0,2%.