Арадио

Амҷба Очамчыра араион ашколқәа раркразы: аклассқәа хьшәашәоит тәашьа амамкәа

Очамчыра араион ашколқәа ҩымш рхы иақәиҭыртәит амшцәгьақәа ирыхҟьаны. Быжь-сааҭктәи афымцалашара арцәара ари аус еиҳагьы иаруадаҩуеит. Араион аҵараҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Амҷба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа атәы.
Sputnik
Ҳазҭалаз амчыбжь азы ашколқәа рҿы аҭагылазаашьа цәгьахеит, аԥхарра ашьақәыргылара ҳзалмыршеит ҳәа азгәеиҭеит Амҷба арадиоефир аҿы.
"Ақыҭақәа рҿы асы леит, ашколхәыҷқәа мҩанызго автобусқәа зныҟәаӡом, ахәыҷқәа ашколқәа рахь рааира цәгьахеит. Уи адагьы ҳраион аҿы уахыки-ҽнаки быжь-сааҭк алашара дырцәоит. Ҽынла ԥшь-сааҭк, уахынла х-сааҭк. Ашколқәа рҿы актәи аурок шаанҵәаз алашара дырцәоит. Аклассқәа зегьы хьшәашәоит, тәашьа амамкәа аҭагылазаашьа шьақәгылоит. Ашколқәа зегьы рҿы афымцалашаралоуп аԥхарра шроуа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Амҷба.
Араион аҵараҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иҳәеит аҭагылазаашьа аҽаԥсахыр аҵаратә процесс ишацҵахо.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.