АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Жәабран 17 рзы Аԥсны АҶА Риҵа аԥшаара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит акоронавирус апандемиа иаалагазар раԥхьаӡа акәны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Роман Лабиа.
"Ари изаамҭанытәиу акоманда-штабтә ҽазыҟаҵароуп. Асыԥсалеираан ааха зауа ацхыраара рыҭашьа аҽазырхиароуп. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит амедицинатә усбарҭеи, араионтә амцарцәаратә ҟәшақәеи рҟынтәи 50-ҩык аусзуҩцәа", - ҳәа иҳәеит иара.
Лабиа иара убасгьы иҳәеит, аҽазыҟаҵарақәа ишрылахәхо авертолиот, амцарцәага машьынақәа, асықәныҟәагақәа, акатер, ацхыраара ласы амашьына уҳәа атехника ҷыда 10 ак.