АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ареспубликаҟны инхо, урыстәылатәи атәанчахәы рыҭаразы 2023 шықәса жәабранмзатәи аихшанҵа шьақәнарӷәӷәеит.
Аҭәанчахәы рызшәара иалагоит жәабран 16 инаркны.
Атәанчахәы х-хәҭакны еихшоуп:
жәабран 16, 17, 20, 21 рзы атәанчахәы рыҭахоит 1950 шықәсанӡа ииз атәанчаҩцәа.
1951-1956 шықәсқәа рзы ииз атәанчаҩцәа атәанчахәы рыҭахоит жәабран 22, 23, 24 рзы.
жәабран 27 инаркны атәанчахәы рызшахоит 1957 шықәсеи уи ашьҭахьи ииз атәанчаҩцәа.
Атәанчахәы рыҭахоит Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аҟәшақәа зегьы рҟны атәанчаҩцәа ашәҟәы иахьҭаҩуи иахьынхои иахьмырԥшыкәа.