АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Ауадҳареи аӡиа Риҵеи аамҭа иақәнагам аҳауа ԥхарра шьақәгылоуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит амилаҭтә реликттә парк адиректор Адамыр Багаҭелиа.
"Сынтәа Риҵа ихымҵаалар ҟалап. Аҵаа ӷәӷәам. Уахынла атермометр -5°C, -7°C илбаауеит, ҽынла – 0°C. Асы Риҵеиԥш Ауадҳарагьы имаҷуп, уаҟа уажәы ишьҭоу аҿыгҳара метрак аҟынӡа инаӡоит. Иахьа Риҵа ишьҭоу асы аҿыгҳара 60-70 сантиметра иҟоуп, ҵыԥх уажәааны х-метрак инаӡон", - ҳәа иҳәеит Багаҭелиа.
Асеиԥш аԥхарреи асмаҷреи аԥхын аӡыхьқәеи риҵатәи ГЕСи ирԥырхагахар алшоит.
Багаҭелиа иҳәеит Риҵаҟа амҩа шаарту, илеиз асы амҩақәа ишаныргахьоу.
"Уахынла аус аауеит, атехника ахархәара аҭоуп, амҩа цқьоуп. Иахьагьы асы леир ҟалап ҳәа ҳаԥшуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Жәабран 13 инаркны Аԥсны ААР аӡбрала, ашәарҭадаратә техника апҟарақәа ирықәымныҟәо Риҵатәи амилаҭтә парк ахь иҭарыжьлом. Ари аусдҵа хымԥадатәиуп Аԥсны атәылауааи асасцәеи рыԥсҭазаареи ргәабзиареи рыхьчаразы, амашәыр аԥырҟәҟәаразы. Аԥкрақәа аус рулоит урҭ раԥыхразы аусдҵа ҷыда рыдыркылаанӡа.
Багаҭелиа ари аӡбамҭа дадгылоит, ауааԥсыра ршәарҭадаарзы.