Асы анышьҭоу амҩақәа рыҟны амашьына арныҟәцара маншәалам, избанзар ҳмашьынақәа аӡынтәи агьежьхарԥақәа рыҵаҳҵаӡом, зегьы еиҳарак аԥхынтәи алоуп ҳашныҟәо, убри азы агәҽанызаара ду аарԥштәуп ҳәа азгәеиҭеит аефир аҿы Сақаниа.
"Аныҟәарақәа иахьынӡазалшо иаанкылазар, зда ԥсыхәа змам ида, егьырҭ иааԥшыр амҩа шаацқьахалак идәықәлар иаҳа еиӷьуп", - ҳәа иҳәеит Сақаниа.
Амашьынарныҟәцаҩ иажәақәа рыла, амҩа уанылаанӡа амашьына иахәаԥштәуп, иазыҟаҵатәуп.
"Ашьыжь амашьына асы ақәухыроуп, умҩа бзианы иубартә еиԥш асаркьақәа рыцқьатәуп. Амашьына мырԥхакәа амҩа иқәлатәым. Еиҳарак ианшәарҭоу аҵаа аныҟоу ауп. Иага угьежь маншәалазаргьы усҟан амашьына арныҟәцара иаҳа иуадаҩуп. Уахынлатәи аныҟәарақәа зынӡагьы иаанкылатәуп", - ҳәа иҳәеит Сақаниа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.