Аԥсны

Дауҭ Гәыблиа Еилаԥсоу ақәԥаратә ҟазараз Краснодартәи атәылаҿацә дачемпионхеит

Еилаԥсоу ақәԥаратә ҟазараз Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат мҩаԥысит жәабран 10-12 рзы.
Sputnik
АҞӘА,жәабран 14 – Sputnik. Аԥснытәи Дауҭ Гәыблиа Еилаԥсоу ақәԥаратә ҟазараз Краснодартәи атәылаҿацә дачемпионхеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны апрофессионалтә бокс Афедерациа ахада Альберт Карди-оӷлы.
Аицлабрақәа рҿы қәҿиарала ақәгылара аспортсмен илнаршеит Аладатәи Афедералтә округ ачемпионат иалахәхара. Аицлабра аҟны аиааира игар иара Урыстәыла ачемпионатқәа дрылахәхоит.
"Дауҭ - Гәдоуҭатәуп. Дхәыҷаахыс ари аспортхкы инапы алакуп. Уажәы иара Адлер иҽазыҟаиҵоит. Краснодартәи атәылаҿацә ахьӡала дықәгылоит, Еилаԥсоу ақәԥаратә ҟазараз ақәԥаҩцәа иреиӷьқәоу дырхыԥхьаӡалоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Еилаԥсоу ақәԥаратә ҟазараз Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат мҩаԥысит жәабран 10-12 рзы. Иара иалахәын 13 шықәса инаркны изхыҵуаз атәылаҿацә 17 муниципалитет рҟынтәи 350-ҩык аспортсменцәа. Аицлабра Аладатәи Афедералтә округ ачемпионат ахь алхратә ҟазшьа амоуп.
Дауҭ Гәыблиа – Урыстәыла аспорт азҟаза. Иҽазыҟаиҵоит Адлер аклуб "Левша" аҿы, Ашот Пашиан инапаҵаҟа.