Аԥсны

Гәдоуҭа инхо иҭынха дишьит ҳәа агәазҩарас иҟоу иус аӡбарҭа ахәаԥшуеит

Ҭемыр Чычба 1-тәи ахәҭа 99-тәи ахәҭаҷ (ауаҩшьра), 1-тәи ахәҭа 217-тәи ахәҭаҷ (закәаншьаҭада абџьар аахәара, аҭира, амазаара, аныҟәгара) инарықәыршәаны ацәгьа иуит ҳәа агәазҩарас дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 14– Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә усӡбарҭа Гәдоуҭа инхо Ҭемыр Чычба иԥҳәыс лаб иашьа иԥа Ҭимур Котуа дишьит ҳәа агәазҩарас иҟоу иганахь ала аус иахәаԥшуеит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Аусҭҵаара заанаҵтәи адыррақәа рыла 2019 шықәса абҵара 23 асааҭ 04:00 рзы Ҭемыр Чычба иҩны ашәарыцага шәақь ала Ҭимур Котуа диеихсит. Ахы зыхәда иақәшәаз Котуа аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит.
Апрокуратура хада адыррала Чычба гәҭакрала ауаҩшьра ҟаиҵеит, анаҩс дыбналеит. Иара иԥшаара рылаҳәан 2019 шықәса ԥхынҷкәын 30 рзы.
Чычба даанкылан 2022 шықәса цәыббра 21 рзы. Ашьаус еиҭахацыркуп.
Аԥсны
Урыстәылауаҩ дишьит ҳәа гәҩарас ирымаз Аԥсны атәылауаҩ даанкылоуп