Аԥсны

Гәылрыԥшь араион ахада и.н. даҭоуп

Уаанӡа араион ахадас дыҟан Аслан Бараҭелиа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Гәылрыԥшь араион ахада инапынҵақәа рынагӡараз даҭоуп Саид Ҳаразиа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
Жәабран 13 рзы араион ахада Аслан Бараҭелиа имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәын аҽа усурак ахь дахьиасуа азы.