Аԥсны

Шәача инхо аԥҳәыс ддырбаандаҩит ззин ыҟам амаҭәашьарқәа Аԥсныҟа риагаразы

Урыстәылауаҩ лҽазылшәеит 12 грамм прегабалин аҳәынҭқарратә ҳәаа ахыгара.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik. Шәача инхо Карине Белова даанкылоуп закәаншьаҭада аԥсихотроптә маҭәашьарқәа раахәара, рымазаара, рымҩангара, ареспубликахь ралагалареи рыҭиреи мҩаԥылгон ҳәа гәҩарас дҟаҵаны. Абри атәы аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
44 шықәса зхыҵуа Белова даанкылан аԥсуа-аурыс ҳәаа данахыс ашьҭахь. Хаҭала леимдаара аан илкыз асумка иҭаз ахәшәқәа рыбжьара иԥшаан 12 грамм инареиҳаны прегабалин.
Белова даанкылоуп, ашьаус хацыркуп 1-тәи ахәҭа 224-тәи ахәҭаҷ ала.