50 нызқь хыбра рҟынӡа ықәыргоит Ҭырқәтәыла адгьылҵысра ашьҭахь

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Ердоган иажәақәа рыла, адгьылҵысра ааха ӷәӷәа ҟанаҵеит атәыла жәа-провинциак рҿы. Иара иҳәеит аҵарауаа ргәаанагарала, адгьылҵысра амчхара 500 атомтә бомба рымчхара иаваҟәылоит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. 50 нызқь хыбра рҟынӡа ықәыргоит Ҭырқәтәыла адгьылҵысра ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аҳауа аҽыԥсахреи аурбанизациеи рминистр Мураҭ Курум иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Адгьылҵысраҿы аԥхасҭа ахәшьара аҭара ҳаҿуп. 7 100-ҩык алахәуп. Игәаҭан ирхысуп 387 346 хыбра. Ишьақәыргылоуп иахьазы 50 576 хыбра шьаҭанкыла ишықәгатәу. 279 655 хыбра еиуеиԥшым аахақәа рымоуп. Ишәарҭоу аҩнқәа ықәганы аҿыцқәа рыргылара нап алаҳкуеит", - ҳәа аминистр иажәақәа аанагоит ателеканал TRT Haber.
Зымчхара 7,7, 7,6 иҟаз адгьылҵысрақәа ҟалеит Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы жәабран 6 рзы.
Арҭ адгьылҵысрақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 35 нызқьҩык еиҳахеит. Адгьылҵысра ашьҭахь асеисмологцәа иазгәарҭеит хышә рҟынӡа адгьылҵысра маҷқәа. Ари аԥсабаратә рыцҳара Ҭырқәтәыла апровинциақәа жәаба аҵанакит 13 миллион инареиҳаны ауааԥсыра ахьаланхо, ақалақьқәагьы налакны адгьылҵысра знырыз 20 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит.
Ҭырқәтәыла аанызқьҩык инареиҳаны аилабгарақәа ирыҵырххьеит