АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Афедерациа ахеилак аратификациа азнауит Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратщ усбартақәа русзуҩцәа рџьашықәс азы аиқәшаҳаҭра, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Адокумент инақәыршәаны, аҩтәылак еицазхарҵоит Урыстәылеи Аԥсни ртәылауаа еилаӡарала рыҩҳәынҭқаррак рҳазалхрақәа рҿы аус зуа аусзуҩцәа, ироуа ауалафахәы ашәарацҵақәа рыҭара хықәкыс иҟаҵаны.
Уаанӡа Урыстәыла Аҳәынҭдума адепутат Константин Затулин аҳәамҭа ҟаиҵахьан аиқәшаҳаҭра аԥснытәии урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа рзы алшара бзиақәа шаԥнаҵо, акадрқәа рықәҵра шааннакыло.
Аԥсуа ган адокумент аратификациа ҵыԥх иазнаухьан, Аҳәынҭқарратә думаҿы аратификациа мҩаԥысит сынтәа жәабран 7 рзы.