Аԥсны

"Агәхыхҩы" асценаҿы: Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысит аспектакль апресс-рбара

Фиодор Достоевски ироман "Бедные люди" ала аспектакль "Агәхыхҩы" ("Ловелас") аԥхьарбара ҟалоит жәабран 15 - 16 асааҭ 19:00 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа драматә театр аҿы Достоевски ироман "Бедные люди" ала Владимир Симановски ипиеса иалху аспектакль ҿыц "Агәхыхҩы" ("Ловелас") апресса идырбан.

Аспектакль аҿы еиҭаҳәоуп Макар Девушкини Варенька Добросоловеи рыбзиабара аҭоурых. Ахархәара аҭоуп арежиссиортә маана. Уи ахәаԥшцәа аспектакль азал аҟынтәи акәымкәа асценаҿ иҟоушәа агәаанагара рнаҭоит.

Аспектакль афырхаҵа хада ироль наигӡоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Ҭемраз Чамагәуа, афырԥҳәыс хада – актриса Амра Начҟьебиаԥҳа. Аспектакль иара убасгьы иалахәуп Розита Ҭаниаԥҳа, Алиас Ҟалӷьы, Леон Кур-оӷлы.
"Афырхацәа зегьы, аиҳарак афырхацәа хадақәа – Девушкини Варенькеи рҭоурых ҳаргьы иаҳҭоурыхуп. Сгәы иаанагоит ҳазегьы ари аҩыза ҳаниахьеит ҳәа. Сара амаалықь ироль сҽазԥысшәар сҭахын, аха арежиссиор Варенька лроль сыдигалеит", - лҳәоит Амра Начҟьебиаԥҳа.
Аԥсны
Аԥсны акультуратә афиша: абзиабара, амчра, ашьоура ирызку аспектакльқәа
Актриса иазгәалҭеит аспектакль Анцәа еизишаз, аха зыԥсҭазааратә мҩа еиԥымлаз ҩыџьа ауаа ишрызку.
"Иқәрахь дышнеихьазгьы даара ҳаҭырла дылзыҟан. Имаз деигӡомызт. Аха лара даҽаӡәы даницца, иара уи изхымгеит", - ҳәа лҳәоит Начҟьебиаԥҳа.
Арежиссиор-ақәыргылаҩ – Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Адгәыр Ақаҩба. Иара убасгьы иара ари аспектакль асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩс дыҟоуп.