Аԥсны

Алеко Гәарамиа дидикылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова

ААУ аректори Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнаки аиҿкаарақәа атауар-економикатә дҵақәа рыӡбаразы русеицура алшарақәа ирылацәажәеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа дидикылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова, абри атәы аанацҳауеит амаҵзура "Аԥсныпресс".
Аганқәа алацәажәеит ахәаахәҭратә хаҭарнакреи аҵараиурҭеи русеицура, иара убас ААУ аҭҵаарадырратәи аинтеллектуалтәи мал ахархәара.
Ҷыдала иуҳәозар, иалацәажәеит ахәаахәҭратәи аекономикатәи зҵаарақәа рыӡбараан аексперт-аналитикатә хәшьара аҟаҵаразы апрофессор-рҵаҩратә еилазаара алшара рыҭазарц.