Аԥсны

Аҳәынҭавтоинспекциа асоура иахҟьаны амҩаҿ аныҟәара шшәарҭоу атәы рҳәеит

Аҳауагәаҭаҩцәа ишырҳәо ала, иаха излагаз асоура ареспублика араионқәак рҿы макьанагьы иаҟәымҵӡац.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциаҿы Sputnik акорреспондент изеиҭарҳәеит жәабран 15 ашьыжь асааҭ 8 рзы амҩаду хадаҿы аныҟәараз ишшәарҭоу.
Асааҭ 10 рзы амҩаду дрыцқьеит, аха ААИ ауааԥсыра рахь аҳәара ҟарҵеит амашьына арццакра иагдырхарц, "аԥхынтәи" акәырхарԥақәа рыла имныҟәаларц.
Автоинспекциа аусзуҩцәа амҩа хылаԥшра арҭоит, еиҳа иуадаҩу аҭыԥқәа атехника иарыцқьоит.