Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа фҩык ауаа Ҭырқәтәыла аилабгарақәа ирыҵыргеит

Урыстәыла Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи руааԥсыра рыцхрааразы инеиз раԥхьатәи атәылақәа иреиуоуп. Урҭ аиқәырхаратә усурақәа ирылагеит жәабран 6 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Урыстәыла АҶА аусзуҩцәа фҩык зыԥсы ҭаз ауааԥсыра аилабгарақәа ирыҵыргеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аусбарҭа ахада Александр Куренков иажәақәа шьаҭас иааганы.
Куренков иажәақәа рыла, Урыстәыла АҶА аусзуҩцәа Ҭырқәтәыла ацхыраара рырҭеит 830-ҩык, Шьамтәыла хҩык рыԥсы ҭаны аилабгарақәа ирыҵыргеит.
"Аусурақәа шцо иазкны иааиԥмырҟьаӡакәа ахада адырра исҭоит. Зегьы ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп, рҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа иахьрыцәхьамҵуа азы", - иҳәеит иара.
Уажәы аилабгарақәа атехникала рықәгара иахьалаго инамаданы, дара русурақәа хдыркәшоит.
Зымчхара 7,7, 7,6 иҟаз адгьылҵысрақәа ҟалеит Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы жәабран 6 рзы. Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟалаз адгьылҵысрақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 35 нызқьҩык еиҳахахьеит. Есыҽны уи ахыԥхьаӡара иацлоит.
Ҭырқәтәыла аанызқьҩык инареиҳаны аилабгарақәа ирыҵырххьеит