Аҳәынҭдума Европа Ахеилак аиқәшаҳаҭрақәа Урыстәыла рымчра аанкыларазы азакәан аднакылеит

Абас ала Урыстәыла аганахьала иаанкылахоит ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рзы Аконвенциеи атерроризм аԥырҟәҟәааразы Европатәи аконвенциеи русура.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik. Аҳәынҭдума Урыстәыла Европа Ахеилак аиқәшаҳаҭрақәа рымчра аанкыларазы азакәан аднакылеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

"Адокумент инақәыршәаны русура аанкылахоит: Европа Ахеилак Аԥҟаԥҵәа (05.05.1949 ш.), Ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рзы Аконвенциа (04.11.1950 ш.), Атерроризм аԥырҟәҟәааразы Европатәи аконвенциа (27. 01.1977 ш.), Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара Ахартиа (15.10.1985 ш.), Асоциалтә хартиа (03.05.1996 ш.)", – аҳәоит адырраҭараҿы.

Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь, жәабран 25, 2022 шықәса Европа Ахеилак аминистрцәа реилазаара урыстәылатәи ахаҭарнакра аусура ааннакылеит.
Уи аҭакс хәажәкыра 15, 2022 шықәсазы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырра ҟанаҵеит атәыла Ахеилак алҵразы апроцедурақәа рымҩаԥгара ишалаго азы. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада иахь иишьҭыз ашәҟәаҿы иҳәеит аҭакԥхықәра зду дара шракәхо, аиҿкаара рхатә геополитикатә хықәкқәа рзы рхы ишадырхәоз.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Сергеи Лавров RT иеиҭаз аинтервиу: ихадоу