Арадио

Кәарҷелиаԥҳа: асоуреи ахьшәашәарақәеи ашколқәа рҿы ауадаҩрақәа иаҳа идырҵарит

Амшцәгьа аан Аԥсны ашколқәа зегьы аус руртә ԥхаррала иахьынӡеиқәшәоу, ирҭагылазаашьоу, иҟоума зусура еиԥҟьаз ашколқәа асы алеиреи ахьҭақәеи ирыхҟьаны еиҭалҳәеит Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа.
Sputnik
Асоуреи ахьшәашәарақәеи ашколқәа рҿы иҟаз ауадаҩрақәа иаҳа иҵарны иқәдыргылеит лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.
"Аҭагылазаашьа зегьынџьара еиԥшӡам. Очамчыра араион аҟны афымцалашара аиԥҟьара иахҟьаны ашколқәа русура аанкылоуп, иара убас ашьха қыҭақәа рҿгьы аус руам. Гагра араион аҟны ашколқәа русура иацҵоуп, ииашоуп, аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷуп амшцәгьа иахҟьаны. Аҟәа араион аҟны 80 процент инарзынаԥшуа имнеиӡеит, дара рхыԥхьаӡарагьы маҷуп, хәышәҩык рҟынӡа ауп. Гал, Тҟәарчал, Гәдоуҭа араионқәа рҟны ашколқәа аус руеит. Аинтернатқәа рҟынтәи Очамчыратәи ауп еиԥымҟьаӡакәа алашара змоу, агенератор рзықәгылоуп. Егьырҭ ирымаӡам", - лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит 800-ҩык инарзынаԥшуа аҵара ахьырҵо Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аҟны 13-ҩык аҵаҩцәа шракәу инеиз.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.