Урыстәыла адискредитациа азура иазырхоу Америкатәи аинструкциақәа рыԥшааит ЛЖәР

Иԥшаау аматериалқәа, ЕАА жәларбжьаратәи аструктурақәа Урыстәыла аҭагылазаашьа ашьақәҟьаразы рдиструктивтә усура шаҳаҭра азҭо азинмч змоу аусбараҭқәа ирыҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik. Росгвардиа аусзуҩцәа Лугансктәи Жәлар Рреспубликаҿы ирыԥшааит жәларбжьаратәи аҿиаразы америкатәи амаҵзура (USAID) иҭнажьыз адокументқәа.
Урҭ Урыстәыла адискредитациа азыруеит ҳәа аҳәоит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Иԥшаау адокументқәа рҿы инарҭбааны аинструкциақәа ҟаҵоуп Урыстәыла аҭыԥантәи ауааԥсыра рылаҿы аҳаҭыр ларҟәны, ахьӡ кажьны аҟаҵара аус азы. Ари ауснагӡатә мҩаԥыргон акьыԥхь ахархәаралагьы, Урыстәыла атәыла-қәылаҩ аҳасаб ала иаарԥшуа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит аҭыԥантәи амчрақәа русура ҵаҵӷәыс ишарҭоз USAID аметодикатә қәырԥшқәа. Урҭ рҟны хымԥада Украина анапхгаҩцәа рҟазареизырҳара азхьаԥшра аҭоуп абри ахырхарҭаҿ.
Иара убасгьы аҿар рыбжьара иаладырҵәоит ЛГБТ-еилазаара "абеиарақәа".
Жәларбжьаратәи аҿиаразы ЕАА амаҵзура USAID аԥҵоуп 1961 шықәсазы, атәыла ахадас Џьон Кеннеди даныҟаз, ЕАА афедералтә напхгара аструктура иалоуп. Иара иахықәкны аӡбахә ҳәоуп "адунеи атәылақәа шәкы рҟны аимакқәа раԥырҟәҟәаара ацхыраара".