Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 36 нызқь иреиҳахеит

Ари аԥсабаратә рыцҳара Ҭырқәтәыла 13 миллион инареиҳаны ауааԥсыра ахьаланхо апровинциақәа жәаба аҵанакит, ақалақьқәагьы налакны адгьылҵысра знырыз 20 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik. Ҭырқәтәыла иҭахаз рхыԥхьаӡара 36 187-ҩык инеихьеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аԥсабаратә рыцҳарақәа раԥыхраз аусбарҭа (AFAD) адыррақәа рышьаҭала.

"Ҭырқәтәыла 36 187-ҩык ҭахеит, 216 347-ҩык арегион аҟынтәи егьырҭ апровинциақәа рахь иахыгоуп", - ҳәа аҳәоит апресс-релиз.

Зымчхара 7,7 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы ашәахьа ашарԥазы. Иара уи аҽныҵәҟьа уа 7,6 иҟаз амч змаз даҽа дгьылҵысрак ҟалеит. Адгьылҵысра ашьҭахь асеисмологцәа иазгәарҭеит хышә рҟынӡа адгьылҵысра маҷқәа. Ари аԥсабаратә рыцҳара Ҭырқәтәыла 13 миллион инареиҳаны ауааԥсыра ахьаланхо апровинциақәа жәаба аҵанакит, ақалақьқәагьы налакны адгьылҵысра знырыз 20 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит.
Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Ердоган иажәақәа рыла, аҵарауаа иазгәарҭеит адгьылҵысра амчхара 500 атомтә бомба рымчхара иаваҟәылоит ҳәа.
50 нызқь хыбра рҟынӡа ықәыргоит Ҭырқәтәыла адгьылҵысра ашьҭахь