Аԥсны

Аексперт иҳәеит Аԥсны иҟоу аҵаақәа амимозашәҭ иаԥырхагоу иаԥырхагаму

Жәабран 15 раахыс иаалырҟьаны Аԥсны ихьҭахеит. Асы леит, уахынла –1°С аҟынӡа ахьҭа ҟалеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik. Иӷьеҩым ахьшәашәара амимозашәҭ иаԥырхагам ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи аботаникатә баҳча адиректор Едуард Гәбаз.
"Ашьхақәа иахьрыԥну аҳауа -2 рҟынӡа илаҟәит, аха амшын аԥшаҳәаҿы усеиԥшҵәҟьа иҟам. Заанаҵы ԥхьаҟа иҟалаша аҳәара уадаҩуп. Иҟоуп ашәҭ ахьышәҭхьоу аҭыԥқәа. Ҳақәгәыӷуеит хәажәкырамзанӡа иачҳап ҳәа", – иҳәеит Гәбаз.
Аботаникатә баҳча адиректор иҳәеит мышқәак ахьшәашәара ҟаларгьы, амимоза ишаԥырхагамхо. Аԥсны амимоза асезон жәабранмза инаркны хәажәкырамзанӡа ҳәа иазгәаҭоуп.
Россельхознадзор адыррақәа рыла, 2023 шықәса жәабран 10 рзы Аԥснынтә Урыстәылаҟа иахыргахьеит х-тоннак ашәҭ.