Калугатәи аобласт аҟны ҩыџьа атеррористцәа ҭадырхеит

Атеррористцәа ахьынхоз аҭыԥ аҿы аԥшаарақәа анцоз иԥшаан артҟәацгақәа ахьыҟарҵоз алабораториа, ахалаҟаҵаратә бомба, амцаркыга маҭәашьар, абџьар, аџьаԥҳаны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik. Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа Калугатәи аобласт аҟны иҭадырхеит атеррористтә еиҿкаара "Исламское государство"* адгылаҩцәа ҩыџьа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ацентртә Азиа аҳәынҭқаррақәа иртәылауаау ҩыџьа ауааԥсыра иҟарҵараны иҟаз атеррористтә акт аԥырҟәҟәаауп", - аҳәоит аусбарҭа адырраҿы.
Атеррористцәа ирыгәҭакын ахимиатә ааглыхра иатәыз анаплакы аҿы абылтәы материалқәа зҭаз ацистернақәа рыԥжәара. Атеракт ашьҭахь дара Шьамтәылаҟа иқәҵраны иҟан.
Раанкылараан аҿагылара ҟарҵеит, иагьҭахеит. Азинзхьчаҩцәеи аҭынчуааԥсыреи ԥырхага рмоуит.
Атеррористтә акт аганахь ала ашьаус хацыркуп.
*Урыстәыла ззин ыҟам атеррористтә еиҿкара