Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шәҩык рҟынӡа урыстәылатәи атҟәацәа рхы иақәиҭыртәит

Атәылахьчара аминистрра иаанацҳауеит Украина атҟәацәа рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара ду иҭагылан ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 18- Sputnik. Киев анапаҵаҟа иҟоу аҵакырақәа рымчрақәа рыҿцәажәара ашьҭахь Урыстәыла ирхынҳәын 101-ы аруаа, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Дара зегьы арра-транспорттә авиациа аҳаирпланқәа рыла Москваҟа инагахоит. Уа зых иақәиҭыртәыз аруаа аҽыхәшәтәреи ареабилитациеи иахысуеит, аԥсихологиатә цхыраара рырҭоит.
Уаанӡа, жәабран 4 азы Еиду Арабтәи Аемиратқәа рыбжьаҟазарала рхы иақәиҭтәын 60-ҩык урыстәылатәи асолдаҭцәа.