АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа украинатәи ар былтәылеи џьаԥҳанылеи еиқәзыршәоз анаплакқәа ааха рырҭеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Ажәылара ахықәкқәа зегьы ҭархоуп. Иарбаз ахыбрақәа ааха рыҭоуп. Ажәылара иалнаршеит УАМ агәыԥқәа былтәыла реиқәыршәара аиԥыҟьара, еиҵартәит артҟәацгақәа рҭыжьра", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 80-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡы машьынақәа ҩба, автомашьынақәа фба.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп: 90-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡы машьынақәа ҩба, аршьаҟауаа рмашьына, аицҭырҟьаратә ракетатә система "Град" ашьақәгыла, ҩ-гаубицак Д-20, ахаланыҟәа гаубица "Акация" -ҩба.
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп: 200-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа ҩба, агаубицақәа Д-Д-30 ҩба, агаубица Д-20, 36-тәи амшыншьаҟауаа рыбригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы иҭархоуп 70 еибашьҩы, аршьаҟауаа рмашьынак. ҩ-кәылӡмашьынак, ҩ-автомашьынак, агаубицақәа Д-20 ҩба, РСЗО "Ураган", артиллериатә система М777 , 72-тәи амеханизациа зызуу абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 35-ҩык аӷа иеибашьцәа, 12 автомашьына, ҩ-гаубицак "Акациа", ВСЗО HIMARS ашьақәгыла, 124-тәии 129-тәии аҵакырахьчаратә бригадақәа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба.
Авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит: 106 раион иахьрыҵанакуа 97 артиллериатә ҟәшеиҵа.
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа украинатәи авертолиот Ми-8, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәба, РСЗО HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа хԥа, арадиолокациаҿагыларатә ракета HARM ареактивтә хгәыцә карыжьит.