Аԥсны

Аԥсны Арбџьармчқәа рнапхгаҩцәа реизара мҩаԥысит

Аизара иалахәын Атәылахьчара, Арбџьармчқәа рыштаб Хада, амчратә усбарҭақәа, Ашәарҭадаратә Хеилак, Жәлар Реизараҟны иаԥҵоу атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак алахәылацәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Аԥсны Арбџьармчқәа рнапхгаҩцәа реизара мҩаԥысит жәабран 13-17 рзы, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Аҽеизгара ахықәкы хада- архәҭақәа рнапхгаҩцәеи, адҵаҟаҵаҩцәеи рырратә зыҟаҵара аҩаӡара аизырҳара, ианаҭахха урҭ рԥышәа ахарахәара шаҭахәу", - иҳәеит Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада аиҳабы, аинрал-леитенант Владимир Савченко.
Аԥсны Арбџьармчқәа рнапхгаҩцәа реизараҟны ҳтәыла арратә шәарҭадараҟны иҟоу ауадаҩрақәеи, урҭ раԥырҟәҟәааразы иҟаҵатәу ашьаҿақәеи ирзааҭгылеит.
Аԥсны
Атәылахьчара аминистрра 2023 шықәсазы имҩаԥыргаз арратә ҽазыҟаҵарақәа рылкаақәа ҟарҵеит