Аԥсны

Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа: ареспублика амҩаду аҿы аныҟәаразы ԥкыра ыҟам

Sputnik
АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Ареспублика амҩаду аҿы аныҟәаразы ԥкыра ыҟам, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа
"Аԥсны амшын иахьаԥну аҳауаԥхарра шьҭыҵит, уи иабзоураны амашьынақәа рныҟәаразы ԥкыра ыҟам", - аҳәоит адырраҭара.
Риҵатәи амилаҭтә парк аҵакырахь аҭаларазы аԥкрақәа ыҟоуп. Уахь "аӡынтәи" акәырхарԥақәа зҵоу амашьынақәа роуп иоурышьҭуа.
Жәабран 15 аахыс Аԥсны иаалырҟьаны ихьҭахеит. Амшын иахьаԥну асы леит, амҩақәа рҿы иқәҵааит. Еиҳа ишәарҭоу амҩахәҭақәа аԥслымӡ рықәыԥсоуп, ААИ аусзуҩцәа аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭоит.