Аԥсны

Сыла иҭаҳәҳәаз Аҟәа: жәабранмза ақалақь ауааԥсыра шәымҭак иарлахҿыхит

Жәабран 15 инаркны иааларҟьан ихьшәашәарахеит. Мышқәак асы ауан, уи моу амҩадуқәагь рыҟны ихҵаалеит.
Sputnik
Ааигәа иамуцыз асы аҳҭнықалақь ауааԥсыра даара иаргәырӷьеит.
Хәыҷи-дуи зегь адәахьы идәылҵны асеигәыдҵа ихәмарит, асыркәымпылқәа дыргылеит. Аӡәырҩы аӡынтәи аԥсабара аԥшӡара ҭыхны аинтернет ҳақәа ирҭарҵеит.
1 / 12

Аԥсны агаҿа мышқәак асы леиуан.

2 / 12

Аҟәа аԥшаҳәахьы ҭаацәаныла идәылҵит аԥсабара аԥшӡара реҩрмажьырц.

3 / 12

Илеиз асы рацәак ишдуумызгьы, ақалақь ауааԥсыра асыркәымпылқәа дыргылеит.

4 / 12

Асы иеигәырӷьеит ари ижәбо алагьы.

5 / 12

Абатаникатә баҳча аусзуҩцәа асубтропикатә ҵлақәа ирықәжьыз ашәыб рықәырхоит.

6 / 12

Аҟәатәи аботаникатә баҳча аусзуҩцәа аӡын аҽазыҟаҵара иалагеит ԥхынҷкәынмза инаркны. Аҵиаақәа ҭарҳәҳәеит, здаҟам аҵиаақәа ракәзар арԥхарҭақәа рахь ииаргеит.

7 / 12

Аҵаақәа ҟалаанӡа иҟаз аԥхаррақәа раан иҟоуп иԥҭыз ашәҭқәагьы. Аха урҭ аҵаа рԥырхагам.

8 / 12

Арҭ аҭыԥҳацәа ҟазарыла иазнеит рсыркәымпыл.

9 / 12

Ихьҩежьааӡа асы илҳәҳәо амандарина даара иблахкыгоуп.

10 / 12

Ақалақь ауааԥсыра аҵлақәа ирықәжьыз ашәыб рықәырхон.

11 / 12

Уажәааигәанӡа Аԥсны даара иԥхарран, шәырқәакгьы ашәҭра иахьӡахьан.

12 / 12

Цәыцак аҩы згәыҵаку аԥсуа сыркәымпыл - Sputnik аредакциа иалнакааит.