https://sputnik-abkhazia.info/20230219/1044215349.html
Сыла иҭаҳәҳәаз Аҟәа: жәабранмза ақалақь ауааԥсыра шәымҭак иарлахҿыхит
Сыла иҭаҳәҳәаз Аҟәа: жәабранмза ақалақь ауааԥсыра шәымҭак иарлахҿыхит
Sputnik Аҧсны
Жәабран 15 инаркны иааларҟьан ихьшәашәарахеит. Мышқәак асы ауан, уи моу амҩадуқәагь рыҟны ихҵаалеит. 19.02.2023, Sputnik Аҧсны
2023-02-19T15:31+0300
2023-02-19T15:31+0300
2023-02-19T15:32+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/11/1044187173_0:101:1920:1181_1920x0_80_0_0_d04137176e2f9f84f6b55d1df392e5e6.jpg
Ааигәа иамуцыз асы аҳҭнықалақь ауааԥсыра даара иаргәырӷьеит. Хәыҷи-дуи зегь адәахьы идәылҵны асеигәыдҵа ихәмарит, асыркәымпылқәа дыргылеит. Аӡәырҩы аӡынтәи аԥсабара аԥшӡара ҭыхны аинтернет ҳақәа ирҭарҵеит.
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/11/1044187173_106:0:1815:1282_1920x0_80_0_0_381373ee4f82895525fb834e08193dd3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аҟәа
фото, афотосахьақәа, аҟәа
Сыла иҭаҳәҳәаз Аҟәа: жәабранмза ақалақь ауааԥсыра шәымҭак иарлахҿыхит
15:31 19.02.2023 (ирҿыцуп: 15:32 19.02.2023) Жәабран 15 инаркны иааларҟьан ихьшәашәарахеит. Мышқәак асы ауан, уи моу амҩадуқәагь рыҟны ихҵаалеит.
Ааигәа иамуцыз асы аҳҭнықалақь ауааԥсыра даара иаргәырӷьеит.
Хәыҷи-дуи зегь адәахьы идәылҵны асеигәыдҵа ихәмарит, асыркәымпылқәа дыргылеит. Аӡәырҩы аӡынтәи аԥсабара аԥшӡара ҭыхны аинтернет ҳақәа ирҭарҵеит.

Аԥсны агаҿа мышқәак асы леиуан.

Аҟәа аԥшаҳәахьы ҭаацәаныла идәылҵит аԥсабара аԥшӡара реҩрмажьырц.

Илеиз асы рацәак ишдуумызгьы, ақалақь ауааԥсыра асыркәымпылқәа дыргылеит.

Асы иеигәырӷьеит ари ижәбо алагьы.

Абатаникатә баҳча аусзуҩцәа асубтропикатә ҵлақәа ирықәжьыз ашәыб рықәырхоит.

Аҟәатәи аботаникатә баҳча аусзуҩцәа аӡын аҽазыҟаҵара иалагеит ԥхынҷкәынмза инаркны. Аҵиаақәа ҭарҳәҳәеит, здаҟам аҵиаақәа ракәзар арԥхарҭақәа рахь ииаргеит.

Аҵаақәа ҟалаанӡа иҟаз аԥхаррақәа раан иҟоуп иԥҭыз ашәҭқәагьы. Аха урҭ аҵаа рԥырхагам.

Арҭ аҭыԥҳацәа ҟазарыла иазнеит рсыркәымпыл.

Ихьҩежьааӡа асы илҳәҳәо амандарина даара иблахкыгоуп.

Ақалақь ауааԥсыра аҵлақәа ирықәжьыз ашәыб рықәырхон.

Уажәааигәанӡа Аԥсны даара иԥхарран, шәырқәакгьы ашәҭра иахьӡахьан.

Цәыцак аҩы згәыҵаку аԥсуа сыркәымпыл - Sputnik аредакциа иалнакааит.