АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 30-шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥгаз ашахматтә фестиваль "Аԥсны. Тамшь-Village 2023" хыркәшан Тамшь амҽыша, жәабран 19 рзы.
Аицлабра аӡбаҩ хада Ҭемыр Зыхәба Sputnik акорреспондент ишизеиҭеиҳәаз ала, "Тамшь-Village 2023" мҩаԥысуан хымш рыҩнуҵаҟа. Раԥхьатәи аҩмшк рзы ихәмаруан ҿыц иалагаз ашахматасыҩцәа, ахыркәшара амш азы рҟазара аадырԥшуан адуцәа.
"Иахьа жәларбжьаратәи акласс змоу аҟазацәа, Урыстәыла агроссмеистерцәеи аҭыԥантәи ашахматасыҩцәеи еицлабуан. Афестиваль иалахәын 156-ҩык, 61-ҩы адуцәа ракәын. Иалахәыз аиҳараҩык аҭыԥантәи аспортсменцәа ракәын", - ҳәа иҳәеит Зыхәба.
Зыхәба иажәақәа рыла, афестиваль иалахәыз аицлабра аиҿкаашьа ргәаԥхеит, асасцәа ирҳәеит ҳаԥхьаҟагьы ишаауа. Аицлабра иалахәын Москва, Грозныи, Шәача, Алада Новгород, Кисловодск, Краснодар, Иакутск, Санкт-Петербург, Новороссиск рҟынтәи.
"Аицлабра зхы алазырхәраны иҟаз иҵегь ирацәаҩын, аха аҟалаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны имааз рацәаҩуп. Аӡәырҩы асоура иацәшәеит, дара аҭыԥантәи ашахматасыҩцәагьы. Амш шыцәгьазгьы аицлабра иалахәыз аспортсменцәа агәалаҟазаара бзиа рыман, иара афестиваль амҩаԥгараҿгьы уадаҩра ҟамлаӡеит", - ҳәа иҳәеит Зыхәба.
Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль Аԥсны. Тамшь-Village 2023" мҩаԥысуеижьҭеи сынтәа ҩы-шықәсоуп. Иара еиҿкаауп Аԥсны ашахмат Афедерациа, Аҿари аспорти русқәа рзы Аилак адгыларала.