Аԥсны

Гәдоуҭа аихамҩатә вокзал азааигәара амашьына ԥжәеит

Гәдоуҭа иҟалаз амашьына аԥжәараан аӡәгьы машәыр имыхьӡеит ҳәа аарыцҳауеит азинхьчаратә усбарҭақәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Гәдоуҭа аихамҩатә вокзал азааигәара амашьына ԥжәеит жәабран 17-18 руха ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.
Иара иазгәеиҭеит аҳҭыс шыҟалаз асабша ауха асааҭ 3:00 - 5:00 ирыбжьанакыз аамҭазы.
Аԥжәараан аӡәгьы машәыр имыхьӡеит. Гыцба иажәақәа рыла, азинхьчаратә усбарҭақәа аҭцаарақәа мҩаԥыргоит. Макьана инарҭбаау аинформациа рҳәаӡом аусҭҵаара иаԥырхагымхарц.