Арадио

Логәуа астудентцәа ирылаҳәоу аҟазаратә еицлабразы: аԥсадгьыл разхәыцшьа ҳнарбоит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет астудентцәа ирылаҳәоу арҿиаратә еицлабра шеиҿкаахо, уи хықәкыс иамоу атәы далацәажәеит ААУ аҟазара афакультет адекан Нугәзар Логәуа.
Sputnik
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира амш азгәаҭара 30 шықәса ахыҵра аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет астудентцәа арҿиаратә еицлабра рыланаҳәеит "Ҳара иаҳгәалашәоит!". Уи хықәкыс иамоуп аҿар аԥсадгьыл азхәыцреи абзиабареи рылааӡара, аибашьра аветеранцәа ҳаҭырла рызныҟәара, рылаԥшҳәаа арҭбаара, аҿар иҿыцу рҭоурых разхьарԥшра, азҿлымҳара дыркра.
Аицлабра аҽалархәразы азыҳәақәа рыдыркылоит хәажәкыра нҵәаанӡа. Уи алҵшәақәа рыла ацәыргақәҵа мҩаԥыргоит.
Аицлабра хәҭа-хәҭала ишахоит, актәи мшаԥымзазы, аҩбатәи лаҵарамза анҵәамҭазы, ахԥатәи аԥхын имҩаԥгахоит ҳәа иҳәеит Логәуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.