Аԥсны

Риҵатәи амилаҭ парк аҭааҩцәа рзын иаркуп

Апарк аусбарҭақәа ирылшо зегь ҟарҵоит риҵатәи амҩа арыцқьаразы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Риҵатәи амилаҭ парк аҭааҩцәа рзын иаркуп жәабран 19-20 рзы ҳәа аанацҳауеит амилаҭ парк апресс-маҵзура асоциалтә ҳақәа рыҟны.
"Риҵатәи амилаҭ парк иахьаҵанакуа иҟалаз аԥхаррақәа ирыхҟьаны ишәарҭоуп асыԥса алеираз", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Уаанӡа, жәабран 13 рзы, аӡынтәи агьежьхарԥа зҵам амашьынақәа Риҵаҟа ихарыжьломызт, Аԥсны атәылауааи асасцәеи рыԥсҭазаареи ргәабзиареи рыхьчаразы, амашәыр аԥырҟәҟәаразы.
Аԥкрақәа аус рулоит урҭ раԥыхразы аусдҵа ҷыда рыдыркылаанӡа.