Аԥсны

Арӡынбеи Аҳәынҭдума адепутатцәеи ҩ-тәылауаҩрак аиуразы Аиқәшаҳаҭра иалацәажәеит

Жәлар Реизара ҩ-тәылауаҩрак аиуразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит ԥхынҷкәынмза 30 2022 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәеи Аҳәынҭдума адепутатацәеи рҿы аицәажәаракәа мҩаԥигеит ҩ-тәылауаҩрак аиура иадҳәалоу аиқәшаҳатра амч аиура азҵаатәкәа ирызкны. Абри атәы аанацҳауеит ААР амедиацентр.
Адокумент амч аиуеит уи зыршаҳатуа ашәҟәқәа анеимырдалак ашьҭахь. Хара имгакәан Аҳәынҭдумаҿы ари ашәҟәы шьақәырӷәӷәахоит.
Уи анаҩсан Урыстәыла ахада ишьақәиргылоит ирмариоу аишьҭагылашьала Апсны атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра рызҭо аҭагылазаашьазы.