Аԥсны

Аԥсны мчыбжьык ала 70 рҟынӡа амаининг хархәагақәа рылхуп

Имҩаԥгаз агәаҭарақәа ирыбзоураны ҩымчыбжьа рыла афымцацәаҳәақәа рыхьанҭара акыр илаҟәит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Азинхьчаратә усбарҭақәеи, Аҳәынҭстандарти, "Амшынеиқәафымцамчи" русеицура иабзоураны жәабран 13 инаркны 19-нӡа акриптовалиута арҳаразы амаининг хархәагақәа 67 рылгоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Атәыла араионқәа рыҟны ирылгоуп:
Аҟәа - амаининг хархәагақәа 3;
Гагра араион - 54;
Аҟәа араион - 10.
ААР, АШәМ, "Амшынеиқәафымцамчи", Аҳәынҭстандарти русура иацырҵоит изакәанымкәан амаинингқәа афымцацәаҳәақәа раҿаԥшьреи атрансформаторқәа рышьақәыргылареи раԥырҟәҟәаразы.
Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит Александр Анқәаб хадара ззиуа, закәаншьаҭада акриптовалиута арҳара аԥырҟәҟәаразы иаԥҵоу Ареспубликатә штаб аилатәараҿы.
Аилатәараҿы иазгәаҭан, ҩымчыбжьа рыла афымцацәаҳәақәа ирықәыз ахьанҭыра аларҟәра шаларшахаз. Аха аҵыхәтәантәи хымш рыла афымцалашара ахархәара ҩаԥхьа ишеизҳаз.