Арадио

Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп: Гәымба Лхаа аҿарацәа рынхашьа иазкны

Лыхны ақыҭа инхо аԥырҩы Саид Гәымба еиҭеиҳәеит анхамҩатә усқәа ракәу, аԥырра акәу иаҳа изымариоу, ақыҭаҟны инапы злаку, уа инхо аҿарацәа иарбан зҵаарақәоу ргәы иҵхо.
Sputnik
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.