Баиден иҳәеит Украина ацхыраара ду шаҭахо атәы

ЕАА ахада Џьо Баиден Киевҟа днеит ашәахьа жәабарн 20 рзы. Владимир Зеленскии иареи еиԥылеит ацқьа Михаил ихьӡала иргылоу аныхабаа аҟны.
Sputnik
АҞӘА, жәабарн 20 – Sputnik. ЕАА ахада Џьо Баиден Киев аҳәамҭа ҟаиҵеит ари амчыбжь азы Украина биуџьет цхыраарак аҳасаб ала "амиллиардқәа" шаиуа.

"Аконгресс аҿы иҟаҵаз адгыларала ари амчыбжь азы биуџьеттә цхыраарак аҳасаб ала аԥарақәа аашьҭхоит. Урҭ аиҳабыра рхы иадырхәар рылшоит ауааԥсыра рмаҵзурақәа рзы", - ҳәа иҳәеит Баиден Киев апресс-конференциаҟны.

Америка ахада Киев 500 миллион доллар рыхә аибашьыгатә цхыраара шарҭо иҳәеит. Арахь иаҵанакуеит аицҭырҟьаратә системақәа HIMARS, артиллериатә хгәыцәқәа, агаубицақәа, акомплексқәа Javelin.