Арадио

Хәытаба еиҭеиҳәеит "Атәым рыцҳара ыҟам!" акциала шаҟа аԥара дәықәҵахаз Ҭырқәтәылаҟа

Sputnik
Адгьылҵысра арыцҳара ду иҭанарагылаз Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи руаажәлар ацхыраара рыҭаразы аҿарацәа гәыԥҩык иаԥшьыргаз акциа "Атәым рыцҳара ыҟам!" хыркәшоуп. Уи алҵшәақәа ртәы аефир аҟны еиҭеиҳәеит акциа аԥшьгаҩцәа руаӡәк Инал Хәытаба.
Жәабранмза 15 рзы ихыркәшаз акциа уи ақәҿырҭит 500-ҩык инарзынаԥшуа ҳәа иҳәеит Хәытаба.
"Жәамш рыла еизаҳгеит миллионки 129 нызқьи 450 мааҭ. Асҟак ҳзеизгоит ҳәа ҳгәы иаанагомызт ҳаналагоз, даара ҳаигәырӷьоит. Акциа анынҵәа амза 16 рзы Ҭырқәтәылаҟа иҳашьҭит. Акциа ҳаналагоз ишаҳҳәахьаз еиԥш Аҩнуҵҟатәи аусқа рминистрраҿы иҟоу Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рыҟәшахьы аԥара ҳашьҭит. Шьамтәылаҟа аԥара рзышьҭра уадаҩуп азы Ҭырқәтәылаҟа идәықәаҳҵеит еизаҳгаз", - иҳәеит Хәытаба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.