Аԥсны

Риҵатәи амилаҭ парк аҿы ҩыџьара асыԥсақәа леит

Риҵатәи амилаҭ реликттә парк аҭааҩцәа рзы иадыркит жәабран 19, 20 рзы асыԥсалеира иацәшәаны.
Sputnik
АҞӘА, жәабарн 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Риҵатәи амилаҭ парк аҿы ҩыџьара асыԥсақәа леит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа.
Асыԥсақәа руак Аӡиаҵәа ааигәара илеины аӡышьҭра акит, егьи Риҵаҟа уназго амҩа 26-тәи акилометр аҿы.
"Есышықәсеиԥш асыԥса атуннель ахыхьынтә илбааит. Аӡиас акит. Уа амҩа аартуп аха, хыхьҟа, 26-тәи акилометр аҿы аҽа сыԥсакгьы леит. Аӡәгьы ааха имоуит, аха асыԥсалеира иацнаҵар ауеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Багаҭелиа иҳәеит арыцқьаратә усурақәа рзы атехника шрыдгалоу.
Апарк ахь аӡынтәи агьежьхарԥа зҵам амашьынақәа рҭалара ааныркылеит жәабран 13 рзы, Риҵатәи амилаҭ реликттә парк аҭааҩцәа рзы иадыркит жәабран 19, 20 рзы, асыԥсалеира иацәшәаны.
Апарк адирекциа амҩа анаадыртуа атәы рымҳәацт.