Аԥсны

Аҟәатәи амаамынааӡарҭаҿы амакакақәа ҩба ԥсит

Зынӡа Аҟәатәи амаамын ааӡарҭаҿы 11 хкы иреиуоу 412 маамын ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Амакака-резусқәа ҩба ԥсит Аҟәатәи амаамын ааӡарҭаҿы алашара арцәара иахҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аексперименталтә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт адиректор Зураб Амқәаб.

"Амаамынқәа ахьҭаку аҭыԥ ҳарԥхоит, аха алашара андырцәалак, ихьшәашәарахоит. Макака-резусқәа егьырҭ амаамынқәа реиԥш рҽырзеибарԥхаӡом, хаз-хазы ахацқәа ирҭатәоуп", - ҳәа иҳәеит Амқәаб.

Иԥсыз амаамынқәа 4, 5 шықәса рхыҵуан. Амакака-резусқәа 30 шықәса рҟынӡа нырҵоит.
Амқәаб иажәақәа рыла, "Амшынеиқәафымцамч" сааҭк иагнархоит амаамынааӡарҭаҿы алашара аҟамзаара.