АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Қырҭтәылатәи адәныҟаполитикатә усбарҭа аҳәамҭақәа ҳгәы ԥырҵәахьеит, еснагь еиԥш ирҳәац рҳәоит иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны жәларбжьаратәи аилазаара алхәдаара иазырхоу ақырҭуа напхгара рҽазышәарақәа ирыхәамԥшыкәа, ареспублика аҳәаанырцәтә еимадарақәа рырҭбаара ишаҿу. Аслан Бжьаниеи Александр Лукашенкои реиԥылара уи бзиаҵәҟьаны ишьақәнарӷәӷәоит иҳәеит Арӡынба.
"Қырҭтәыла Аԥсны исуверентәу ихьыԥшым аҳәынҭқарра шакәу заҟа ирласны ирыдыркыло аҟара алшара ҟалоит аҭыԥ змоу аилибамкаарақәа риааира, иақәнагоу жәларбжьаратәи аимадарақәа рыбжьаҵаразы алшарақәа раԥҵара", - ҳәа ануп ахҳәааҿы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Белоруссиа днеит жәабран 20 рзы. Аҩаша Александр Лукашенкои иареи реиԥылара мҩаԥысит.