Аԥсны

Асахьаҭыхыҩ Асида Аҳәԥҳа урыстәылатәи аԥхьахә "ЭкоМир-22" далауреатхеит

Аҳәԥҳа лусумҭа "Гәыла ибала" аноминациа "Аландшафт-парктә дизаин, ҳаамҭазтәи архитектуратә ӡбарақәеи апеизажтә ҟазареи" аҟны аиааира агеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жәларбжьаратәи урыстәылатәи аекологиатә аԥхьахә "ЭкоМир-22" алауреат идипломи имедали Асида Аҳәԥҳа лыҭара аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакраҿы.
Асахьаҭыхыҩ ашықәс анҵәамҭаз имҩаԥгаз аусмҩаԥгатә лхы лзаламырхәит азы лыдныҳәалара Аԥсны имҩаԥган.

"Даара сеигәырӷьоит ишәаҭәашьоу адиплом шәысҭартә аҭагылазаашьа ахьыҟалаз. Урыстәыла ишәаҭәашьахаз аҳамҭақәа Аԥсны шәрыԥшааит", - иҳәеит Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов.

Асида Аҳәԥҳа илҳәеит аҳамҭа Аԥсны иахьлоуз еиҳагьы агәахәара шылнаҭо.
"Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Сара агәрагара сцәыуадаҩуп сусумҭа аноминациа – адизаин аҿы иахьаиааиз. Ҭабуп ахысҳәаауеит сахьалкаау", - лҳәеит Аҳәԥҳа.
Жәларбжьаратәи аекологиатә аԥхьахә "ЭкоМир-22" – иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчареи аекологиатә шәарҭадареи ралыршараҿ аихьӡарақәа ираԥхьахәуп. Жәларбжьаратәи аицлабра "ЭкоМир" аиҿкааҩ – Урыстәылатәи аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа.
Аԥсны
Асида Аҳәԥҳа лыкьанџьа ажурнал The Daily Doll аверсиала иреиӷьӡақәоу рсиа иаҵанакит
Аҳәԥҳа Асида – автортә кьанџьақәа равтор, дынхоит Очамчыра. Жәашықәса ирықәуп акьанџьақәа лнапы рылакуижьҭеи. Лусумҭақәа изныкымкәа еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа рҿы иалыркаахьеит, иркьыԥхьхьеит жәларбжьаратәи аизакхьӡынҵақәеи ажурналқәеи рыҟны.
2021 шықәса аахыс Асида Аҳәԥҳа – Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла дырлахәылоуп. 2022 шықәсазы автортә кьанџьақәа рзанааҭтә Еидгыла "Unidia” (Испаниа) далахәылахеит. 2022 шықәса рашәарамзазы Очамчыра араион ахадараҟынтә иланашьан адиплом "Аҟазараз" аҳаҭыр тәылауаҩык иҳасаб ала.