Арадио

Ҵәыџьба ацитрусааӡара аинвестициақәа алагаларазы: ашәыр аӡа аус адуларазы анаплакы ҳҭахуп

Ацитрустә наплакы "Софиа" аиҳабы Витали Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит асубтропикатә культура аинвестициақәа ралагаларазы игәаанагара, насгьы иарбан проектқәоу хықәкыла аус зыдулатәу ари ахырхарҭала.
Sputnik
Даара иаҭахны иҳаԥхьаӡоит ашәыр аӡа аус адуларазы анаплакы аҟазаара ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҵәыџьба.
"Есышықәса иссоу амандарина гарҭа ҳамаӡам. Ашәырӡ азы иара уаҳа назҭахым ауп. Сынтәа мацара 500 тонна ҿаҳхит, уахьынтә 100-150 тонна амандарина каҳаԥсеит иҽеим ҳәа, уи даара иԥхасҭа дууп ҳара ҳзы. Амандаринаҭра уахәаԥшуазар, еиҭа иҿыхым рацәоуп, иҿухырцаз аԥара аҭахуп, анаҩс аҭыԥ иаҳзықәҵаӡом. Ҳаламкьысӡеит, ус иҟоуп", - иҳәеит анаплакҩы.
Витали Ҵәыџьба иажәақәа рыла, сынтәа аҽаҩра даара ибзиан, аха аарҩарақәа аԥырхагахан аҟәазра ианыԥшит, иаҳа ибжьаратәны иҟалеит.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы.