Аԥсны

27 нызқьҩык рҟынӡа ажьырныҳәа акы аахыс Риҵатәи апарки Афонҿыцтәи аҳаԥи ирҭааит

Ииасыз ашықәс абри аамҭа иаҿырԥшны аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара шеиҵоугьы, 2023 шықәсазы абилеҭқәа рыхәԥса аиҳара инадҳәаланы алагалақәа шьҭыҵит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik. 27 нызқьҩык рҟынӡа 2023 шықәса ажьырныҳәа акы аахыс Риҵатәи амилаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи ирҭааит ҳәа аанацҳауеит Атуризм аминистрра.
Ажьырныҳәа 1 инаркны жәабран 20 рҟынӡа Риҵа аҭыԥԥшӡарақәа ирҭааит 16 224-ҩык, ахашәала 10,7 миллион мааҭ. Ииасыз ашықәс азы – 20 802-ҩык, ахашәала 6,9 миллион мааҭ; Афон ҿыцтәи аҳаԥы 11 711-ҩык аҭааит, ахашәала – 8,2 миллионмааҭ. Ииасыз ашықәс азы аҳаԥы 14 675-ҩык шаҭаазгьы, ахашәала 7,3 миллион ракәын иҟаз.
2022 шықәсазы Аминистрцәа реилазаара аӡбарала Риҵатәи апарк аҭаараз ахәԥса 350 мааҭ аҟынтәи 700 мааҭ ахь ихалеит, Афонҿыцтәи аҳаԥы - 500 мааҭ аҟынтәи 700 мааҭ рахь.