Аԥсны

Алеко Гәарамиа ААУ аректорс деиҭалхуп

Аҵаратә хеилак алахәылацәа зегьы еицҿакны аӡбара рыдыркылеит маӡалатәи абжьыҭараан.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Алеко Гәарамиа аҽа хәышықәса Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аректорс деиҭалхуп.
ААУ Аҵаратә хеилак инеиҵыху алахәылацәа 55-ҩык рахьынтәи 54-ҩык маӡалатәи абжьыҭара иалахәын. Дара зегьы еицҿакны рыбжьи ирҭеит.
Алеко Гәарамиа - апрофессор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Адыгатәи жәларбжьаратәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи ракадемик, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, Москватәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә института (МПГИ) аушьҭымҭа.
1967 шықәсазы ихьчеит акандидаттә диссертациа "Исследование некоторых классов квазигрупп с тождествами" атемала. 1986 шықәсазы СССР Аминистрцәа Рхеилак аттестацитә комиссиа Алеко Гәарамиа апрофессор ахьӡ ихнаҵеит.
Гәарамиа – авторс дрымоуп шәкы рҟынӡа астатиақәа, амонографиақәа, арҵага шәҟәқәа. Иусумҭақәа ҭыҵхьеит: СССР, ЕАА, Германиа, Сингапур, Венгриа, Иугославиа, Чехиа, Польша, Болгариа. 1989 шықәса раахыс ауниверситет напхгара аиҭоит.