Аԥсны

Урыстәылатәи арбџьармчқәа аминаршәгақәа ахьыҭрыжьуаз ацех ықәрыцҟьааит

Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә хархәагақәа аицҭырҟьаратә система HIMARS ахгәыцәқәа жәбеи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәбеи карыжьит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Урыстәыла аҳаир-космостә мчрақәа украинатәи ар рзы зыхгәыцә ҭбаау аминаршәгақәа рҭыжьреи аремонт рзуреи ахьымҩаԥыргоз ацех ықәрыцҟьааит Сума ақалақь ааигәара ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Урыстәыла аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ааха рырҭеит УАМ 84 артиллериатә ҟәша, 113 раион рҿы ауааԥсыреи атехникеи, 72-тәи амеханизациа зызуу абригада анапхгараҭарҭа, аҳәаанырцә қьаруаа ргыларҭа аҭыԥ.
Аминистрра адыррала Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 40 украинатә еибашьҩы, ҩ-пикапк; Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы - 135 украинатә еибашьҩы, аршьаҟауаа рмашьына, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, агаубицақәа "Гвоздика" – ҩба, агаубица Д-20. Донецктәи ахырхарҭаҿы аӷа ицәыӡит 250-ҩык ишьуи ихәуи аруаа, акәылӡмашьынақәа хәба, автомашьынақәа фба, агаубица Д-20.
Иара убасгьы иқәыцҟьаауп УАМ ашьаҟауаа-шәарыцаратә бригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа. Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 65 украинатә еибашьҩы, аршьаҟауаа рмашьына, акәылӡмашьынақәа ҩба, апикапқәа ҩба, агаубица Д-20, агаубица Д-30; Херсонтәи ахырхарҭаҿы – ҩ-гаубицак Д-30, 123-тәии 126-тәии аҵакырахьчаратә бригадақәа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа.